Ацифратә ҿиаразы Урыстәыла аминистрреи урыстәылатәи аунитартә наплакы "Урыстәылатәи ателехәаԥшреи арадиои рҳа" рхаҭарнакцәа рыла ишьақәыргылоу аусутә гәыԥ лаҵара 25 рзы Аԥсны иааит. Дара хықәкыс ирымоуп Аԥсны ателерадиодырраҭара иадҳәалоу атехникатә усурақәа рымҽхак агәаҭара.
"Аԥсны ателерадиодырраҭара иадҳалоу атехника ҭҵаан урыстәылатәи аспециалистцәа рыбзоурала. Макьана ари аусура аҵыхәтәанынӡа инагӡам, аха ара "ақьаад усгьы" рацәоуп. Аспециалистцәа абжаҩык "ақьаад ус" иаҿуп – уи иаанаго, иҟарҵо аус, иаҳзыҟарҵаран иҟоу ацифратә телехәаԥшра закәанла ишьақәырӷәӷәаны, аҩҳәынҭқаррак ирыбжьарҵо аиқәшаҳаҭра иақәшәо еиқәдыршәоит. Егьырҭ абжаҩык аҭыԥантәи аусзуҩцәа ирыцны ателерадиотә станциақәа ҭырҵаауеит. Ақәра иамоу, аҭагылазаашьа зеиԥшроу, зышьақәыргылара ауа уҳәа. Араҟа аҟазацәа дара доусы изҵазкуа хырхарҭала аус руеит, иаҳҳәап, аҳауатә цәқәырԥақәа еихызшо, иарбан ҳауатә цәқәырԥақәа рҿы иахьыҟаҵатәу. Аҟәа инаркны мраҭашәара аганахьала аҳәаа аҟынӡа аҟьаҟьарақәа маҷуп азы, даҽа ҳауатә цәқәырԥақәак рыла ателехәаԥшра еиҿукаароуп, Аҟәа инаркны мрагылара аганахь, арха дгьылқәа ахьыҟоу даҽакала еиҿкаатәуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Берулаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Урыстәылатәи аҟазауаа Аԥсны ацифратә телербарахьы аиасраҿы иацхраауеит