Ашәҟәы "Жәандәрыԥшьаа" авторцәас иамоуп Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ адиректор Џьума Габуниеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи афонд аиҳабы, ажурналист Гәыгәыца Џьыкырԥҳаи. Ашәҟәы 1000 цыра ҭыжьуп.
"Ашәҟәы хәҭа-хәҭала иаҳшеит. "Аԥсуаа рышәҩык" иалаз Жәандәрыԥшьаа 12-ҩыки "Кьараз" иалаз 67-ҩыки хәҭак аҟны иаҳарбеит, аҩбатәи аҟны - 1936 инаркны 1940 шықәсанӡа харада ахара здырҵаз Жәандәрыԥшьаа 21-ҩык иалкааны иҟаҳҵеит, ахԥатәи ахәҭаҟны – Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз 85-ҩыки аибашьра иалҵны иааз 71-ҩыки аҳарбеит, ашәҟәы аԥшьбатәи ахәҭаҟны 1992-1993 шықәсқәа раан иҭахаз 31-ҩык рнысымҩа аҳарбеит. Ахәбатәи ахәҭанҟы "Жәандәрыԥшьаа ргәадура" ҳәа абыргцәа бзиақәа иҟаз аҵарауаа, аҟазара, акультура, аҳәынҭқарратә ус знапы алакыз зегьы аԥхьаҩ иҟынӡа инаҳгартә ианаҳҵеит", - иҳәеит Габуниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.