Аҳәынҭавтоинспекциаҿ ирҳәеит автотранспорт ахархәаразы аршаҳаҭгақәа анаҭаху

© SputnikНочной рейд
Ночной рейд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵакыраҿы ахатәхаҿқәа атәым автомашьына арныҟәаразы рыгәраргагақәа аԥырхит лаҵара 26 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ.

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҵакыраҿы ахатәхаҿқәа атәым автомашьына арныҟәаразы рыгәраргагақәа аҭахны иҟоуп аҳәаа ахысраани амашьына ашәҟәы аҭагалараани ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба.

Машины на перекрестке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Атәым автомашьына арныҟәаразы агәраргагақәа аԥырхит Аԥсны

"Аҳәынҭавтоинспекциаҿ аҭаҩратә усқәа зегьы автомашьына зтәу иҟынтә агәраргага хада ашьаҭалоуп ишымҩаԥырго. Уа иарбазароуп амашьына ахархәараз амашьына зтәу азин шыҟаиҵо. Ари аҩыза агәраргага атәым транспорт ала аҳәаа ахысраангьы иаҭахуп. Иара ада аҳәаа уахрыжьуам", - иҳәеит иара.

Аԥсны аҵакыраҿы ахатәхаҿқәа атәым автомашьына арныҟәаразы рыгәраргагақәа аԥырхит лаҵара 26 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ.

Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иҳәеит аминистрра иҟанаҵаз ари ажәадгала шьаҭас ишамоу ахатәтәҩы иҟамзаараан атранспорт хархәага ала аныҟәараз агәраргага ахьаҭаху атәылақәа реиҳарак ишаԥырххьоу, Аԥсны ада акык-ҩбак атәылақәа заҵәык рҿы акәны иаанханы иахьыҟоу азы.

Ҷкадуа иажәақәа рыла, Аԥсны аҵакыраҿы ахатәхаҿқәа атәым автомашьына арныҟәаразы агәраргагақәа рымазаара аԥыхразы ақәҵара амч анаиулак ашьҭахь ахатәхаҿы имазароуп атранспорт хархәага ашәҟәы ишҭаҩу азы аршаҳаҭга, атехникатә гәаҭаразы аталон, арныҟәараз азин ҟазҵо ашәҟәы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0