АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik. 2021 шықәса лаҵарамзатәи аплантә рбагақәа 118% (+ 31,9 миллион мааҭ) рыла инагӡоуп, аҳазалхратә усбарҭақәа лаҵарамзазы 209 миллион мааҭ абиуџьет иахырыԥхьаӡалеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
2020 шықәса лаҵарамзатәи арбагақәа ирҿырԥшны ашәарақәа 68,5 миллион мааҭ еиҳахеит.
2021 шықәса хәымз рзы, рашәара 1 2021 шықәсазтәи арбагақәа инарықәыршәаны, аҳазалхратә шәарақәа 927,4 миллион мааҭ ыҟоуп, планла 792,1 миллион мааҭ иарбаз ацынхәрас. Абас ала, хәымзтәи аплан 117% (+ 135,3 миллион мааҭ) рыла инагӡоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа 2021 шықәса ԥшьымз рызтәи аплан еиҳахеит