Гәылрыԥшьтәи аӡбарҭа Ахрик Аҩӡба дшыбаандаҩыц еиҭах дааннажьит

© Sputnik / Томас ТхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ, абригада "Пятнашка" акомандир Ахрик Аҩӡбеи уи иҩызцәеи харас ирыдырҵоит заанаҵ еибыҳәаны гәыԥҩыла изакәанымкәа абџьар ҵәахны ирыман ҳәа.

АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахрик Аҩӡба иганахьала аусӡбара ахьынӡацо иаанкылашьа рыԥсахырц азы ихьчаҩцәа иҟарҵаз азыҳәа Гәылрыԥшьтәи аӡбарҭа мап ацәнакит.

Лаҵара 12 рзгьы Гәылрыԥшьтәи аӡбарҭа аӡбаҩ Игор Агәмаа ари аҩыза азыҳәа мап ацәикхьан.

Суд по делу Ахры авидзба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба дшыбаандаҩыц дааннажьит

Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа Ахрик Аҩӡба иганахьала аусӡбара иацнаҵеит ахаша рашәара 2 рзы. Планла афбатәи аилатәараан рҿахәы рҿырхыр акәын ахарадҵаратә ган иатәыз ашаҳаҭцәа хҩык, аха урҭ еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аӡбарҭахь имнеит, убри азы Апрокуратура хада аҳәара ҟанаҵеит аус иадҳәалоу анапылаҩыратәи амаҭәартәи шьақәырӷәӷәагақәа ҭҵаазарц.

Хсааҭк инареиҳаны аҳәынҭқарратә харадҵаҩ аус иадҳәалоу аматериалқәа ирыԥхьон, иара убас ирыԥхьеит аӡбарҭахь имнеиз ашаҳаҭцәа ҩыџьа рдыррақәа. Убас, шаҳаҭ заҵәык иоуп уажәазы зҿахәы зҿыхымкәа иаанхаз, уи АШәМ аусзуҩ иоуп, иара акомандировка дыҟоуп.

Ашьақәырӷәӷәагақәа ианрыԥхьа ашьҭахь, Ахрик Аҩӡба ҩаԥхьа аӡбарҭахь ааԥхьара ҟаиҵеит иаанкылашьа еиҭаркырц, уи ҟаҵатәуп ҳәа зиԥхьаӡозгьы иҳәеит - ашаҳаҭцәа аӡә ида зегьы рҿахәы рҿырххьеит, уажәшьҭа урҭ рахьтә аӡәгьы диқәыӷәӷәар шилымшо еилкаауп ҳәа азгәаҭаны.

Анаҩстәи аилатәара мҩаԥысуеит рашәара 9 рзы.

Абригада "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи иара дзыхьчоз иҩызцәеи аанкылан хәажәкыра 4 рзы. Дара харас ирыдырҵоит абџьар, урҭ рыхәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, иԥжәо амаҭәашьарқәа, аԥжәагақәа заанаҵ еибыҳәаны изакәанымкәа гәыԥҩыла раахәара, ҽаӡәы иҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара рнапы алакын ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0