АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Александр Пушкин имширеи Аурыс бызшәа амши азгәарҭеит Аԥсны ашәахьа рашәара 7 рзы.
Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҵаҩцәа шьыжьнаҵы ашәҟәыҩҩы ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ашкол №3 аҵаҩцәа иара уа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин еизаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит аурыс бызшәа аҵакы гәцаракны иахьазнеиуа азы, иагьазгәеиҭеит ахатәы бызшәа - аԥсшәа аҵарагьы хымԥада ишаҭаху. Ацҳаражәҳәаҩ даԥхьеит Пушкин иажәеинраала аа-цәаҳәак, иара убас уи ихьӡ зху ашкол ҳамҭас иеиҭеит апоет ирҿиара иазку ашәҟәқәа.
"Ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа иахьагьы актуалра рыҵоуп. Абиԥара ҿа даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аурыс бызшәа ахьышәхышәмыршҭуа азы", - иҳәеит иара.
Апоет Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит Пушкин ихьӡ аԥсуа литератураҿы "хьтәы нбанла" ишану, иара иҩымҭақәа аԥсшәахь ишеиҭаргахьоу Баграт Шьынқәба, Владимир Аҵнариа, Мушьни Лашәриа. Занҭариа даԥхьеит ажәеинраала "Ашәҭ" аԥсшәахь аиҭага.
Аусмҩаԥгатә аофициалтә хәҭа анхыркәшаха, Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҿы актәии ахәбатәии аклассқәа рҵаҩцәа аспектакльқәа ықәдыргылеит апоет иҩымҭақәа "Апапи уи ихәуҩы Балдеи ирызку алакә" ("Сказка о попе и о работнике его Балде), апиеса "Моцарти Сальерии" рыла.
2022 шықәсазы 80 шықәса ҵуеит Аҟәатәи абжьаратә школ №2 Александр Пушкин ихьӡ ахырҵеижьҭеи. Ашкол анапхгара иазгәарҭеит ари арыцхә инамаданы аусмҩаԥгатә дуқәа мҩаԥыргарц ргәы ишҭоу.
Аурыс поет, апрозаик Александр Пушкин диит рашәара 6 1799 шықәсазы. 2010 шықәсазы Еиду Амилаҭқәа реиҿкаараҿы апоет иирамш Аурыс бызшәа иамшны ишьақәдырӷәӷәеит.