Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр алаҵа "Спутник V" шаҟа иаԥсоу иҳәеит

© Sputnik / Тимур Батыршин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от коронавируса в Казахстане
Вакцинация от коронавируса в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 4 рызтәи аҭагылазаашьала акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 аҟынтәи Аԥсны алаҵа ҟарҵахьеит 2076-ҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко РИА Новости аинтервиу анеиҭоз аҳәамҭа ҟаиҵеит алаҵа "Спутник V" ахәԥса, аҭыԥ аҟынӡа анагаразы ахарџь налаҵаны, 900 мааҭ ишаԥсоу.

"Хымԥада, аковид ҳазқәымгәыӷуа ахарџь ҳзаанагеит. Раԥхьа иргыланы уи алаҵаҟаҵара иақәҳарӡыз аԥароуп - "Спутник V" 900 мааҭ раҟара иаԥсоуп, аҭыԥ аҟынӡа анагаразы ахарџь налаҵаны, иахьазы ари аԥара аҳәынҭқарра иашәоит", - иҳәеит Мурашко.

Иара иажәақәа рыла, урыстәылаа алаҵа рзыҟаҵаразы иаахәоуп "Спутник V" 30 миллион доза рҟынӡа.

Акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Урыстәыла арегионқәа зегьы рҿы.

Работа мобильной бригады по вакцинации дачников от COVID-19   - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2021
Ҩ-нызқьҩык Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟарҵеит

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V" Гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ-и еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз акәхеит. Жьҭаарамзазы иҭанаҩит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит. Иара убасгьы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак". "КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны, иара убас иҭыжьуп алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт".

Аԥсныҟа урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 6500 доза иҟоу актәи апартиа ааит мшаԥы 30 рзы. Ауааԥсыра алаҵа рзыҟарҵо иалагеит лаҵара 11 рзы.

Рашәара 4 рызтәи аҭагылазаашьала акоронавирустә инфекциа ҿыц COVID-19 аҟынтәи Аԥсны алаҵа ҟарҵахьеит 2076-ҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0