Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа рашәара 14 рызтәи аусура аграфик акьыԥхьит

© SputnikПосольство РФ в Абхазии
Посольство РФ в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 7 инаркны Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа реиҿкааразы анкетақәа рыдкылареи ихианы иҟоу атәылауаҩшәҟәқәа ршареи мҩаԥнагалоит асааҭ 9:00 - 17:00 рзы.

АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша аркхоит рашәара 14 азы – Урыстәыла Амш инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа Facebook аҿы.

Урыстәыла Амш Урыстәылатәи Афедерациа иаҳәынҭқарратә мышныҳәоуп, иазгәарҭоит рашәара 12 азы.

Рашәара 7 инаркны Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа реиҿкааразы анкетақәа рыдкылареи ихианы иҟоу атәылауаҩшәҟәқәа ршареи мҩаԥнагалоит асааҭ 9:00 - 17:00 рзы (ашәахьа инаркны ахәашанӡа), ахәаша асааҭ  16:00 рҟынӡа (аԥсшьараамҭа  13:00-14:00).

Уаанӡа Ацҳаражәҳәарҭа иакьыԥхьхьан хәышықәсатәи атәылауаҩшәҟәқәа реиҿкааразы анкетақәа рыдкылара аграфик.

Мшаԥы 28 аахыс анкета аҭаразы иҭаҩу атәылауаа рсиа рашәарамза анҵәамҭазы икьыԥхьхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0