АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра риммунтә ҭагылазаашьа агәаҭараз аԥсуа-аурыс программа хыркәшахеит рашәара 11 азы ҳәа лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
Ставропольтәи азҩаҿагыларатә институт аҟазауаа ауааԥсыра рбиоматериал ргон акоронавирус аганахьала риммунитеттә ҭагылазаашьа адиагностика азуразы.
Аусура мҩаԥысуан Ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториаҿ Аԥсны ауааԥсыра риммунтә ҭагылазаашьа агәаҭараз аԥсуа-аурыс программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ареспублика араионқәа быжьба рҿы COVID-19 аҟынтәи ацәеижьҿагылақәа ауаа рцәа иалоу иаламу гәарҭон.
Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа рыла, апрограмма алкаақәа рашәара 12 азы Агәабзиарахьчара аминистрра иардырхоит. Адырра рыҭахоит анализ азҭаз атәылауаа зегьы.
Лиудмила Скорик илҳәеит ари апрограмма ԥхьаҟагьы ишымҩаԥыргало.
"Атәыла аиҳабыра рыцхыраарала ари аҩыза апрограммақәа ԥхьаҟагьы имҩаԥгахалоит, избанзар ауааԥсыра, аиҳарак абыргцәа, амаҵзура ҷыдақәа русзуҩцәа риммунтә ҭагылазаашьа аилкаара аҵак ду ҳзамоуп ашәарҭарақәа ахьыҟоу еилаҳкааларц", - ҳәа лҳәеит лара.
Урыстәылатәи аган ала апрограмма иалахәуп Санкт-Петербургтәи аепидемиологиатә ҭҵаарадырратә институт. Скорик лажәақәа рыла, аиммунтә статус аихшьаалақәа шроулак урҭ адыррақәа Агәабзиарахьчара аминистрра иазынарышьҭуеит COVID-19 алаҵәара шцо абарази алаҵаҟаҵаразы ԥхьаҟатәи абжьгарақәа рыҟаҵарази.
Ауааԥсыра акоронавирус иацәызыхьчар зылшо алаҵаҟаҵара заҵәык ауп ҳәа лҳәоит Лиудмила Скорик.
Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҟынтәи "Спутник V" ала алаҵаҟаҵара иалагеит лаҵара 11 азы.