Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Хәытабеи Қәираиаԥҳаи атуристтә ныҟәарақәа ршәарҭадара атәы

© SputnikМикрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Анапаҵаҩра
Атуристтә маршрут ҿыцқәа шышьақәдырӷәӷәо, урҭ ршәарҭадареи рхылаҧшреи рзы аҭакҧхықәра атәы иалацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Атуризм азы аминистрра ахаҭарнаки атуристтә фирма аиҳабы Самилиа Қәираиаԥҳаи.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Хәытабеи Қәираиаԥҳаи атуристтә ныҟәарақәа ршәарҭадара атәы

Аԥхын ԥсшьара Аԥсныҟа иаауа рхыԥхьаӡараҟны имаҷым ҳтәыла изныкымкәа иаҭаахьоу, урҭ рыбжьара иҟоуп ирбахьаз аҭыԥ ԥшӡарақәа рнаҩс аҿыцрақәа ирышьҭоу. Есышықәса аԥхын анааигәахо акы-ҩба маршрут акәзаргьы, атуристә фирмақәа аԥсшьаҩцәа ирыдыргалоит. Ишԥаадыртуа дара, ишьақәзырӷәӷәода, хылаԥшра азҭода урҭ ршәарҭадара? Ныҟәара ицо аԥсшьаҩы ишәарҭадара знапы ианыда? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны ирылацәажәеит Атуризм азы аминистрра атуристтә уснагӡареи аиҳабыра аус рыцуреи ҳәаақәызҵо ахылаԥшратә ҟәша аспециалист хада Ҭарашь Хәытабеи Аԥсуа туристтә еилахәра аиҳабы Самилиа Қәираиаԥҳаи.

"Ашәарҭадара атәы анаҳҳәо, аиашазы, уажәы ахәыҷбаҳчаҟынтәи иааганы аӡәгьы ашьха икыдиҵом азы, даргьы ԥсшьара иаауа рхы рдыруазароуп. Ҳара ҳашьхақәа акалашәа иҟоуп, уа ахымҩаԥгаша ҷыда аҭахуп. Ауаа анаҳашьҭуа, аекскурсиа амҩаԥгаҩ иоума, амашьынаныҟәцаҩцәа, ирҳәоит иаразнак ахымҩаԥгашьа атәы. Иахьцо ишахәҭоу ихынҳәыроуп, уи ҳхахьы иаҳгоит, алицензиа ҳамырхыр ауеит, зегьы азгәаҳҭоит", - лҳәеит Қәираиаԥҳа.

Аиҿцәажәара нарҭбааны аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0