АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада исаит.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ари амш Урыстәылатәи аҳәынҭқарра шәышықәсалатәи аҭоурых аҟны аамҭа ҿыц ахацыркра ишасимволу.
"Иахьатәи Урыстәыла активла аҿиара иаҿуп, иара адәныҟаполитикатә аԥшьгарақәеи апозициеи адунеи аҿы мчы змоу аҳәынҭқарра астатус еиқәырханы иааргоит", - ҳәа ануп адныҳәалара атекст аҿы.
Аԥсны ахада иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызара ҳара ҳзы аҵак дуӡӡа шамоу, мҽхакы ҭбаала ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡарагьы ҳшазхиоу.
"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, аҭагылазаашьа схы иархәаны, ҳаҭыр ду шшәықәысҵо агәра шәырго, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, Аԥсадгьыл амаҵ аураҟны аихьӡарақәа, Урыстәылатәи Афедерациа ажәларқәа – аҭынчреи аизҳазыӷьреи", - ҳәа адныҳәалара хиркәшеит Аслан Бжьаниа.
Урыстәыла Амш азгәарҭо иалагеит рашәара 12 1990 шықәса раахыижьҭеи, уи аҽы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә суверенитет азы адекларациа рыдкылан.