Урыстәылатәи аномерқәа змаз автомашьына амҩатә машәыр иақәшәеит Гагра

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина МЧС РА
Машина МЧС РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Анапаҵаҩра
Арыцҳара ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟаҵан рашәара 15 асааҭ 22:03 рзы.

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Гагратәи атоннель аҩадатәи ахәҭаҿы иаха амҩатә машәыр ҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи атуристка зыԥсҟы лкыз автомашьына "KIA RIO" атоннель даныҵысуаз ажра иҭаҳаит. Амашьынаҿ фҩык апассаџьырцәа ҭан.

Аиқәырхаҩцәа оперативла аҭыԥ ахь инеит ацхыраараҟаҵаразы. Ҩыџьа Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь инагоуп. Егьырҭ ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәыркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0