АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Александров ихьӡ зху Арратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базаҿ иқәгылеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи арратә база апресс-маҵзура.
Ансамбль инанагӡеит акомпозициақәа: "Ҳара-ажәлар рыр ҳауп", "Урыстәыла амаҵ аура", "Ҳадгьыл гәакьа", "Смуглианка" уҳәа егьырҭгьы. Аконцерт ахь иааит аррамаҵзурауаа реиԥш, дара рҭаацәарақәагьы. Аестрадатә гәыԥ "Александров-Парк" инанагӡеит ашәа "Асолдаҭ аԥсшьарамш имоуп", ахортә гәыԥ – ашәа "Аказақцәа Берлин", аинструменталтә дует – акомпозициа "Либертанго". Акәашаратә гәыԥ инанагӡеит "Аурыс кәашара", ҷыдала иаздырхиаз аԥсуа кәашара.
Финалтә аккордны инагӡан ахәаԥшыҩцәа ирыцнарыгӡаз ашәа "Катиуша".
Ансамбль аколлектив аҭааит Аԥсны егьырҭ аполигонқәагьы аконцерттә программа рыманы.
Александров ихьӡ зху арратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль иарбанызаалак аконцерт – ныҳәоуп. Ансамбль ыҟоижьҭеи миллионҩыла ахәаԥшыҩцәа рыгәқәа шьҭнаххьеит, адунеитә зхаҵара аиухьеит.
Ансамбль аколлектив аԥҵан 1928 шықәсазы — Фрунзе ихьӡ зху Ар Ҟаԥшь рыҩны хада ашәаҳәаратә Ансамбль ҳәа ахьыӡҵаны. Александров ихьӡ зху ансамбль Аџьынџьтәылатә еибашьраан 1500 концерт мҩаԥнагеит. Иугославиа, Афганисҭан, Приднестровие, Шьамтәыла уҳәа аибарххаратә ҭыԥқәа рҿы иқәгылон. Зынӡа 70 тәыла рҟны агастрольқәа мҩаԥнагахьеит.
Ансамбль ианашьоуп Урыстәыла аҳамҭақәа реиԥш Париж имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿ – "Гран При" (1937 ш.), арекордтә тиражқәа рзы – франциатәи афирма "Шан Дю Монд" "Ахьтәы Дискқәа" (1964ш.), голландиатәи "Н.О.С." (1974 ш.), франциатәи аҭаҩратә академиа "Ахьтәы дискобол" (1961 ш.).