Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭа Аԥсны Апарламент ахҳәаа анаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин авидеоцҳа "Москва – Аҟәа – Цхинвал" аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит урыстәылатәи аинвесторцәа рзы аԥснытәи азакәанԥҵара аԥкырақәа ҟанаҵоит аинфраструктуратә обиектқәа рахь аинвестицианашьҭразы ҳәа.

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аԥсны Апарламент рашәара 10 азы Sputnik апресс-центр аҿы Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин авидеоцҳа "Москва – Аҟәа – Цхинвал" аҟны иҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит.

Вице-президент Бадри Гунба провел заседание рабочей группы по экономике  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы аинвестициақәа радԥхьалара азҵаара иалацәажәеит

Алексеи Двинианин авидеоцҳа аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликахь аинвестициақәа ирызкыз азҵаара аҭакс иҳәеит аинвестициақәа – атәылақәа рыҩба рзакәанԥҵарақәа ргармонизациеи азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аԥҵареи рыпрограммаҿ акрызҵазкуа усны ишыҟоу.

Ацҳаражәҳәаҩ игәаанагарала, урыстәылатәи аинвесторцәа рзы аԥснытәи азакәанԥҵара аԥкрақәа ҟанаҵоит аинфраструктуратә обиектқәа рахь аинвестицианашьҭарзы.

"Атәыла ахада, аԥыза-министр, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Константин-иԥҳа Озган арҭ азҵаарақәа рыӡбаразы урыстәылатәи рколлегацәеи дареи аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит. Исҭахуп Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟасҵарц Аԥсны аполитикатә напхгара ари азҵаара аӡбараҿ адгылара рырҭарц, аҭакԥхықәра рхахьы иргарц", - ҳәа иҳәеит Двинианин.

Аԥснытәи апарламентарицәа рҳәамҭаҿ иазгәарҭеит ари аҩыза аҳәамҭа иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа ииашамкәа ишаанарԥшуа – Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа русура ишахымҟьо урыстәылатәи аинвестициақәа рыҟамзаара.

"Ари аҩыза аҳәамҭа адепутаттә корпус оумашәа ирбеит. Ҳақәгәыӷуеит иара хықәкыс иамаз аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә усбарҭа гәаӷшақә иазхәыцны адискриминациа азура акәмызт ҳәа", - азгәарҭоит адепутатцәа.

Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Ҭарбеи Занҭариеи Аԥсны аинвестициақәа радԥхьалара иазкны

Дара иазгәарҭеит ацҳаражәҳәаҩ дыззааҭгылаз 2017 шықәсазы ирыдыркылаз "Афымцаенергетиказ" азакәан ареспублика аенергосистема алагалақәа рзура шыԥнамкуа.

"Еиуеиԥшым аинвестициатә проектқәа рынагӡара гәахәарыла иҳадаҳкылоит иарбанзаалак аекономикатә усхкқәа рҟны. Аџьшьара цәырнагоит ацҳаражәҳәаҩ ицитата – урыстәылатәи аинвестициақәа радԥхьалара азҵаараҿы политикатә проблема ыҟаӡам, Аԥсны анапхгара аполитикатә ҭаххара рымоуп аԥкрақәа раԥыхразы ҳәа. Аиаша уҳәозар, аинвестициақәа ирԥырхагоу аполитикатә ҟазшьа змоу апроблемақәа ыҟоуп ҳәа ҳаздырам", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Уи адагьы адепутатцәа агәра ганы иҟоуп аинвестициатә усура аусхк аҟны аԥснытәи азакәанԥҵара ҳаамҭа ишақәшәо азы.

"Аҳәаанырцәтә инвестициақәа" рзы Аԥсны азакәани егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи иаԥырҵоит аҭагылазаашьа бзиақәа аҳәаанырцә инвесторцәа рзы. Аха убри аан арҭ апроектқәа ҳажәлар ринтересқәа ирҿамгылозароуп", - ҳәа рҳәеит Апарламент аҿы.

Апарламентари ирҳәеит Жәлар Реизара ажәлар рзы актуалра змоу азҵаарақәа рыҽшрыцәхьарымкуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0