Акциа "Агәымшәара аурок" мҩаԥысит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукУрок мужества в посольстве РФ в Абхазии
Урок мужества в посольстве РФ в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Анапаҵаҩра
Ахәылбыҽха ареспублика ақалақьқәа зегьы рҿы имҩаԥгахоит акциа "Агәалашәара ацәашьы" – Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара амш агәаларшәараз.

АҞӘА, рашәара 21– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашколхәыҷқәа рзы акциа "Агәымшәара аурок" мҩаԥысит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагара амш 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз рашәара 21 азы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкциа "Агәымшәара аурок" мҩаԥысит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы
Акциа Агәымшәара аурок мҩаԥысит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Акциа "Агәымшәара аурок" мҩаԥысит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы

Ауснагӡатә еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, адгылара арҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеии.

Ауснагӡатә аҭааҩцәа рзы еиҿкаан афотоцәыргақәҵа. Россотрудничество ахаҭарнак Евгени Павлов ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит аибашьра алагара аҭоурых.

"Сгәы иаанагоит ацәыргақәҵа жәбеит ҳәа. Аԥхьаҟа ишәзыԥшуп аибашьра иазку акинофильми, аинтерес змоу аиҿцәажәареи. Ахәылбыҽха зегь шәнасыԥхьоит акциа "Агәалашәара ацәашьы" ахь. Иара мҩаԥысран иҟоуп "Идырым асолдаҭ" ибаҟа аҿаԥхьа. Акциа мҩаԥгахоит атәыла ақалақьқәа зегьы рҿы", - иҳәоит Павлов.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов иазгәеиҭеит 1941 шықәса рашәара 22 аԥсҭазаара шеиҟәнашаз.

"Анцәа иџьшьаны ҳабацәеи ҳабдуцәеи аҭынч ԥсҭазаара ҳзааргеит. Сақәгәыӷуеит урҭ рфырхаҵара кашәара ақәым ҳәа", – иҳәоит иара.

Аԥсны иҟоу акультуреи аҭҵаарадырреи Урыстәылатәи рцентр анапхгаҩы Вадим Чеха инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аиҿкаарақәа жәпакы аҭоурыхтә гәалашәара амырӡра аус шадыруло.

© Sputnik / Томас ТхайцукАкциа "Агәымшәара аурок" мҩаԥысит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы
Акциа Агәымшәара аурок мҩаԥысит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Акциа "Агәымшәара аурок" мҩаԥысит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы

"Имҩаԥааго агәымшәара аурокқәа аҭоурыхтә гәалашәара амырӡроуп иззырхоу. Ирацәаҩуп Аибашьра Ду иалахәыз забацәеи забдуцәеи рыԥсҭазаара ҭызҵаауа", - иҳәеит Чеха.

Ахьӡ–аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски иҳәеит Асовет Еидгыла ацәыӡ ду шаиуз аибашьраан. Аԥсны акәзар, аԥхьатәи ашықәсқәа рзы аибашьра шымцозгьы, ауааԥсыра реиҳараҩык абџьар шьҭыхны аӷа ишиҿагылаз.

Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа идырбан аибашьра иазкыз афильм.

Афашисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит рашәара 22 1941 шықәсазы. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду адунеи ауааԥсыра рзы реиҳа ишьаарҵәыраз хҭысхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0