Апандемиа аамҭазтәи аусумҭақәа: Аԥшьа Ҳагԥҳа лцәыргақәҵа аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукКартины, созданные во время пандемии: выставка работ Апщи Хагба открылась в Сухуме
Картины, созданные во время пандемии: выставка работ Апщи Хагба открылась в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵахь инагоуп аҵыхәтәантәи ашықәс "алокдаун" аамҭазы иҭыхыз 82 графикатә стильла иҭыху аусумҭақәа.

АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла алахәыла Аԥшьа Ҳагԥҳа лцәыргақәҵа "Аизҳара" ("Движение" - аред.) аатит рашәара 21 азы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.

"Апандемиа иадҳәаланы ҳаԥсҭазаараҿы иҟалаз ааҭгылара асахьаҭыхыҩцәа рызгьы иҭгыларахеит. Иара иаҳнаҭеит алшара еиҳа аусура, аҟазарҭаҿы аҟазаара, арҿиара еиҳа азхьаԥшра. Аԥшьа Ҳагԥҳа лцәыргақәҵа уи ус шакәу аанарԥшуеит. Иазгәасҭар сҭахуп аԥшаарақәа, иҿыцу автортә техника, асиужет ҿыцқәа – арҭ зегьы ари аамҭахҵәаха ишҭагӡоу", - ҳәа лҳәеит Ацәыргақәҵатә зал адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа, ацәыргақәҵа аартуа.

Иара ахьӡ "Аизҳара" иаанарԥшуеит ҵыхәаԥҵәара змам аамҭа аикәшара, аихагьежьра, аизҳара.

"2015 шықәсазы имҩаԥган Аԥшьа раԥхьатәи лцәыргақәҵа. Лара активла дрылахәуп Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла, акультуратә еимадарақәа ҭыԥ "SKLAD" уҳәа рцәыргақәҵақәа", - ҳәа лҳәоит Арсалиаԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАпандемиаамҭазтәи аусумҭақәа: Аԥшьа Ҳагԥҳа лцәыргақәҵа аатит Аҟәа
Апандемиаамҭазтәи аусумҭақәа: Аԥшьа Ҳагԥҳа лцәыргақәҵа аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
1/5
Апандемиаамҭазтәи аусумҭақәа: Аԥшьа Ҳагԥҳа лцәыргақәҵа аатит Аҟәа

2/5

3/5

4/5

5/5

Аԥшьа Ҳагԥҳа ацәыргақәҵа еиҿызкааз, иаҭааз зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәеит.

"Аусумҭақәа зегьы ашықәс аҩныҵҟоуп ианҭысх. Сара сзы ари аматериал ҿыцуп. Сара сзы акраҵанакуаны иҟоуп шәара шәгәаанагара", - ҳәа лҳәеит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥшьа Ҳагԥҳа
Апандемиа аамҭазтәи аусумҭақәа: Аԥшьа Ҳагԥҳа лцәыргақәҵа аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Аԥшьа Ҳагԥҳа

Аусумҭақәа зегьы аграфикатә стиль ала иҭыхуп, алокдаун-аамҭаз иаԥҵоуп.

Ацәыргақәҵа аус ауеит рашәара 21 - 30 асааҭ 10:00 - 19:00 рзы, ԥсшьарамшыда.

Ажәабжьқәа зегьы
0