АҞӘА, рашәара 23– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 320-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 94-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-ҩык, урҭ рахьтә 61-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 29-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә жәаҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 20-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>