АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Амаҵзура TVIL.RU асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыбжьара имҩаԥыргаз азҵаара-ҭҵаарақәа инарықәыршәаны иалнакааит аԥсшьараз еиҳа иргәаԥханы иалырхуа аҭыԥқәа.
Изазҵааз реиҳараҩык Ҟрым алырхит. Аҩбатәи аҭыԥ еихыршеит Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи – 14%. Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Алтаитәи атәылаҿацәи ареспублика Алтаии – 7%.
Аԥхын аԥсшьараз иреиӷьу аҭыԥқәа жәаба:
- Ҟрым, 46%
- Краснодартәи атәылаҿацә, 14%
- Аԥсны, 14%
- Алтаи, 7%
- Кавказтәи Аминералтә ӡқәа, 6%
- Нхыҵ Кавказ, 4%
- Башкириа, 4%
- Калининградтәи аобласт, 2%
- Свердловсктәи аобласт, 2%
- Даӷьсҭан, 1%
* TVIL.RU асоциалтә ҳақәа рҟны имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа рыла
Аԥсны атуристцәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа зегь ҭәуп, заанаҵтәи аҿаҵарақәа шә-процентк инаӡоит. Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭаахьеит 150 нызқьҩык, Афон ҿыцтәи аҳаԥы – 100 нызқьҩык.