Ҟәыбина аҿкычымазара аҽанарцәгьа аԥсшьарҭатә ҩнқәа аобсерваториа ахь ииаргоит

© Sputnik / Artur Lebedev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСанаторий "Октябрьский" в Сочи
Санаторий Октябрьский в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 1 инаркны Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аԥсшьаразы азин рымоуп аҿкычымазара аҟынтәи алаҵа ззыҟаҵоу аԥсшьаҩцәа.

АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Аҿкычымазара аҽанарцәгьа Краснодартәи атәылаҿацә аотельқәеи асасааирҭақәеи иаразнак аобсерваториа ахь ииаргоит, ҳәа иҳәеит арегион агубернатор Вениамин Кондратев.

"Еилкаатәуп аҽкы ахьаарԥшхаз аԥсшьарҭатә ҩны иаразнак аобсерватор ахь ишиасуа. Уи аӡәгьы ииҭахым", - иҳәеит Кондратев.

Ԥхынгәы 1 инаркны иаҭахуп иҵоурам ПЦР-тест, ма алаҵа шыҟаҵоу азы адокумент. Нанҳәа 1 инаркны асасцәа рыдыркылалоит алаҵа шрымоу азы асертификат рымазар.

Баку в преддверии отмены масочного режима на открытом воздухе - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2021
Ҟәыбинатәи аотельқәа рахь ирыдыркыло алаҵа ма ПЦР-тест азы ашәҟәы рымазароуп

Кондратев иажәақәа рыла аԥсшьаҩцәа рзы иаԥҵоу аԥҟарақәа рынагӡара уадаҩым- алаҵа ҟарҵоит атәыла аҩныҵаҟа иахьыҟазаалак хәыда-ԥсада.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иалагалоу аԥкрақәа рзы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара амаҷхара иаԥырхагахеит ҳәа атуроператорцәа рҳәамҭақәа рҭакқәа ҟаиҵеит Кондратев.

"Аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара аизҳара атуроператорцәа ируалым. Ҳаҭырла ҳарзыҟоуп, атәылаҿацә аҟны дара анырра ҟарҵаӡом агәабзиарахьчареи аҿкычымазара аиқәтәареи рзы", - иҳәеит иара.

"Вестник АТОР" ишаҩуа ала, алаҵаҟаҵаразы аҽҭаҩра иааиуа амшқәа рзы иҟалаӡом.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0