Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16906-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15405-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.
"Ахԥатәи ацәқәырԥа ҳәа изышьҭоу ааира ҳара ҳазыԥшын, иаҳдыруан ас ишыҟалоз, избанзар аԥҟарақәа ҳрықәныҟәаӡом. Аԥсацәа даара рхы иақәгәыӷны аныҟәарақәа ирылагеит, уажәы аҭагылазаашьа иаҳа еицәахеит ԥаса аҵкыс. Ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара иаҳа еизҳаит. Уи адагьы, аԥхьа ицәырҵыз ахкы акәымкәа аҿкы иаҳа аҽырӷәӷәаны иааит. Индиатәи аштамм шәарҭоуп иаҳа зықәра маҷу рзы, дара ирласны агәыҵәкра роуеит. Амчқәеи ахәшәқәеи рацәа рыла еиқәшәазароуп ҳсистема уи аҿкы аанукылартә еиԥш. Уи адагьы, "уф, гәышьа, исыхганы салгеит" ануҳәалак, аҩынтә раангьы иухьуеит. Макьана ҳамч азхоит, аха ҩымчыбжь рышьҭахь иҟало сара исыздырӡом", – ҳәа еиҭалҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны атерапевт хада алаҵаҟаҵара анырра атәы далацәажәеит