Ареспубликатә наркодиспансер аппарат ҿыц аиуит

© SputnikНаркодиспансер.
Наркодиспансер. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Анапаҵаҩра
Ироуз аппарат ҿыц иалшоит ауаҩы ицәеижь аҿы 700 рҟынӡа хәшәи зқьы инареиҳаны анаркотикатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәеи рыҟазаара агәаҭара.

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә наркологиатә диспансер азы иаанахәеит ҳаамҭазтәи агазтә хроматограф 10 миллион мааҭ ҳәа. Абри атәы ааицҳаит аминистр Едуард Быҭәба Facebook аҿтәи идаҟьаҿы.

Ахархәага ҿыц ауаҩы ицәеижь аҿы алкоголь, анаркотикқәа, апсихотроптә маҭәашьарқәа рыҟазаара шьақәнаргылоит. Аппарат иалшоит ауаҩы ицәеижь аҿы 700 рҟынӡа хәшәи зқьы инареиҳаны анаркотикатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәеи рыҟазаара агәаҭара.

Иазгәаҭоуп асистема апробаҿ алкоголь, анаркотикқәа, апсихотроптә маҭәашьарқәа рмолекула аанарԥшуеит, ианрыдыркылаз аамҭагьы азгәанаҭоит ҳәа.

Хара имгакәа Аԥсныҟа иаараны иҟоуп ахархәага ықәзыргыло аҟазауаа, урҭ анаркодиспансер аусзуҩцәа иддырҵоит иара аус адулашьа.

Анаркодиспансер аҳақьым хада Ирма Ануаԥҳа илҳәеит уажәшьҭа амедусҳәарҭа аусура шеиӷьхо.

Уажәраанӡа анаркодиспансер аҿы рхы иадырхәоз аекспресс-системақәа ракәын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0