Чагәаа еиҭеиҳәеит адукатцәа рзинқәа реилагара ахҭысқәа ртәы
"Адукатцәа ишақәнагам ирызныҟәо иалагеит. Иара иақәнагам аус ҟаиҵазар, иус дәықәҵатәуп апрокуратура хадахьы, уаантә аусӡбарҭахь, абас еиԥш иус ҭҵаатәуп, аха амҩан даанкылан иҭҵаара уалагар ҟалом. Араҟа азакәанеилагароуп иҟоуп, еилазгогьы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа роуп", - ҳәа иҳәеит Чагәаа.
Аԥсны Адукатцәа рпалата ахантәаҩы еиҭеиҳәеит азинқәа реилагара ахҭысқәа рхы шакыз. Насгьы избан ас еиԥш аилагарақәа аҭыԥ зрымоу, аус аусӡбарҭахь изырмышьҭуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны адукатцәа рзинқәа шеиларго азы атәыла ахада иахь адырра ҟарҵеит