АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 486 ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 175-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы ԥхынгәы 3 рзы иԥсҭазаара далҵит 62 шықәса зхыҵуаз ачымазаҩ.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 98-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 33-ҩык, ибжьаратәуп - 44-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а пациент, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 25-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 29-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>