АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 480- ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 163-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ԥхынгәы 5 рзы лыԥсҭазаара далҵит 65 шықәса зхыҵуаз ачымазаҩ.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 101-ы, рҭагылазаашьа бааԥсуп 30-ҩык, ибжьаратәуп - 41-ы.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы пациент, урҭ рахьтә 14-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 26-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 37-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>