COVID-19 аҟынтәи агәыр: Аԥсны алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара иалагеит лаҵара 11 рзы. Атәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟны еиҿкаан алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥқәа. Шаҟаҩы алаҵа ҟарҵази, "Спутник V" шаҟа доза аанхази ртәы Sputnik аматериал аҟны.

Аԥсныҟа урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 6500 доза иҟоу актәи апартиа ааган мшаԥы 30 рзы. Дозак шьақәгылоуп ҩ-компонентк рыла.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Алаҵеи аамҭеи

Аԥсны COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара ишаҿыц иаҿуп. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, акоронавирус аҟынтәи алаҵа рзыҟарҵахьеит 5609-ҩык ауааԥсыра.

Термометр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Аковидҿагыларатә ԥкрақәа Аԥсны амч роуит ԥхынгәы 5 инаркны

Агәабзиарахьчара аминистрраҟны ирҳәеит, амчыбжь анҵәамҭазы иаагоу алаҵа шнырхуа. Иара убас иазгәарҭеит, ачымазараҿкы аҟынтәи алаҵа аҩбатәи апартиа аагаразы Урыстәылаҟа аҳәара шынарышьҭыз.

Алаҵа ҟазҵар зҭаху рацәаҩхеит

Алаҵаҟаҵара атәы дазаҭгыло Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы иазгәалҭеит, иахьала даара ибзиан ишымҩаԥысуа.

"Алаҵа анҵәара ианалага аамҭазы ирацәаҩны ауаа асиа рҽанырҵоит. Ақьаадқәа еиқәыршәаны иҳамоуп, аха ҩымш рыла иара нҵәоит. Актәи ахәҭа ҳалгоит. Аҩбатәи макьана аҟаҵара ҳаҿуп. Актәи ҟазҵахьоу зегьы аҩбатәи ирызхартә еиқәыршәоуп", -лҳәеит Воуԥҳа.

Уажәы ачымазҩцәа рацәаҩхеит, иара ачымазара ахаҭагьы бааԥсхеит, лҳәеит лара.

"Ауаа алшара рымаӡам аҩны аҽыхәышәтәра, убри аҟынтә ирҭахуп астационар ахь. Аҟәа макьана ҳаизхоит, аха ашьҭаҵарҭатә ҭыԥқәа ирыцаҳҵо ҳалагар, рымаҵ аура ҳахьӡаӡом. Иҟоуп амедицина аусзуҩцәа ачымазара зҽадызҳәалар зҭахымгьы", - азгәалҭеит Воупҳа.

Аоперштаб арбагақәа рыла иумбарц залшом аҿкычымазара акыр аҽарӷәӷәеит, уи амедусҳәарҭақәа ирнымԥшырц залшом.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иажәақәа рыла, Аԥсны Урыстәылаҟа аҳәара нанашьҭхьеит COVID-19 аҟынтәи алаҵа ҩаԥхьа иаарышьҭырц, иара убас иаҭаххар, цхыраара аҳақьымцәагьы аарц ирыҳәеит.

Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2021
Аԥсны атерапевт хада алаҵаҟаҵара анырра атәы далацәажәеит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik илҳәеит акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа "Спутник V" ауаа ишырхырго атәы. Алаҵа ҟазҵаз еиҳараҩык уи ныррак рнамҭеит. Ҩыџьа аллергиатә реакциа рызцәырнагеит, аха ирласны ирхыҵит. Иҟоуп зшоура халаз. Алаҵа ззыҟарҵаз рахьынтәи аӡәгьы ахәышәтәырҭахь днанамгеит ҳәа азгәалҭеит.

Ачымазара аҽарҭбаара иахҟьаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аковидҿагыларатә усқәа рырӷәӷәаразы аусдҵа инапы аҵеиҩит. Адокумент инақәыршәаны ԥхынгәы 5, 2021 шықәса инаркны рзин ҟаҵам ачарақәа, аныҳәақәа, аԥсхәратәи егьырҭ ауснагӡатәқәеи иарку ауаажәларратә крыфарачаратә хыбрақәа рҿы.

Ԥхынгәы 6 рзы иҟоу адыррақәа рыла, аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 17999-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15573-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 254-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0