Еицырдыруа амузыкарҳәаҩы Џьыван Гаспариан иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Евгения Новоженина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонцерт Дживана Гаспаряна
Концерт Дживана Гаспаряна - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
Анапаҵаҩра
Џьыван Гаспариан ианашьоуп ЮНЕСКО амедалқәа ԥшьбеи, "Амузыкатә ҟазараҿы илшамҭақәа рзы" Wоmex (World Music Expo) аԥхьахәи.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Еицырдыруа адудукрҳәаҩы Џьыван Гаспариан иԥсҭазаара далҵит 93 шықәса дшырҭагылаз, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аҟаза имоҭа иажәақәа шьаҭас иганы.

"Иахьа адунеи ацәыӡ ду аиуит. Уԥсы ҭынчыз", - ҳәа иҩит Facebook аҟны амузыкант имоҭа.

Џьыван Гаспариан Жәларбжьаратәи амузыкатә фестивальқәа рҟны Ермантәыла ахьӡала дықәгылон. Аус рыцеиуан Питер Гебриел, Ханс Циммер, Браиан Меи, Борис Гребенщиков, Серж Танкиан реиԥш иҟаз амузыкантцәа.

2000 шықәсазы акинофильм "Гладиатор" азы ҷыдала амузыка аԥиҵеит, адудук аирҳәон "Последнее искушение Христа" аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0