АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Гәдоуҭатәи аковид-хәшәтәырҭа акомпиутретә томограф аҟны апрограмматә еиқәыршәара ҿыц шьақәзыргыло Белоруссиантәи аҟазацәа аппарат аус адуланы иаҿаркит аусушьа гәарҭаразы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
Аҟазауаа уи иацклаԥшуеит, ибзианы аусура алшошәа рбар, атомограф мышкы-ҩымш ирылагӡаны ахархәарахь инарышьҭуеит. Убри аан дара иазгәарҭеит аппарат амцхә аус арура шаҭахым.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр хаҭала днеины игәеиҭеит атомограф иагыз аҭыԥ ишықәырҵоз. Иара иажәақәа рыла, аппарат иаарласны аус ауртә иҟаҵатәуп, избанзар апациентцәа уи ада ихәарҭам. Гәдоуҭатәи аковид-хәышәтәырҭаҿы уажәазы ишьҭоуп 100-ҩык инареиҳаны ачымазцәа.
Аппарат аус ауӡомызт иҳаҩсыз амчыбжь аахыс, иара апрограмматә еиқәыршәара ԥхасҭахеит афымцалашара ахьеиԥҟьоз иахҟьаны.