Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 499-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 179-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ауаа рхыԥхьаӡара ианацла, амедусбарҭа аусзуҩцәа адырра ҟарҵеит аволонтиорцәа рахь, жәаҩык ҳааизаны аграфик шьақәыргыланы ацхыраара ҟаҳҵоит ҳәа еиҭалҳәеит Лакәыиаԥҳа. Аҳәынҭқарраҟынтә ацхыраара ыҟоуп, аха уааԥсыралагьы ацхыраа аҭахуп ҳәа азгәалҭеит аволонтиор аиҿцәажәараҿы.
"Ауадаҩра ыҟан, избанзар ахәышәтәырҭахь ишьҭарҵо ауаа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацлоит. Акрыфарҭаҿы аус зуа ҩыџьа заҵәык роуп, дара еихьӡаӡом. Ҽнак хынтә акрырҿаҳҵоит 200-ҩык ауаа. Ацхыраара шаҭаху адырра анҳау, сҩызцәеи сареи иҳаӡбеит ҽнак хԥа-ԥшьба сааҭ ҳрыцхраарц. Уи адагьы иҟасҵеит алаҳәара иҳазхаӡом ацхыраара, афатә ҳәа. Уи иақәҿызҭыз рацәаҩхеит, ԥаралагьы фатәылагьы ацхыраара ҟарҵоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Лакәыиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.