COVID-19 злаз хәҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

© Sputnik / Акоп Кущян Карета скорой помощи
Карета скорой помощи - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 18853-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15788-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 265-ҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 485-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 180-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ариабжьарак акоронавирус злаз апациентцәа хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Ԥхынгәы 9 рзы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 71 шықәса зхыҵуаз хаҵаки 62 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыски. Ԥхынгәы 10 рзы - 82 шықәсеи 49 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа аҳәсеи 73 шықәса зхыҵуаз хаҵаки.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 135-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 43-ҩык, ибжьаратәуп - 50-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а апациентцәа, урҭ рахьтә 11-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 25-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 40-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0