АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Жәлар Реизара аҟны еиҿкаауп хәызмоу ақьаадқәа рзы азакәанԥҵара аԥҵаразы аусутә гәыԥ.
Аусутә гәыԥ аԥҵоуп азакәанԥҵаратә база ашьақәыргыларазы, хәызмам ақьаадқәа аус рыдуларазы, аусураҿы хәызмам ақьаадқәа рзы иҟоу адҵаҟаҵара ахылаԥшразы.
Аусутә гәыԥ иалоуп: адепутатцәа Алмас Џьапуа, Александр Ҵышәба, Натали Смыр, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.
Хәызмоу ақьаадқәа рзы азакәанԥҵара аус адуларазы иадԥхьалахоит аекспертцәа Алексеи Копалини, Владимир Черниатини, Аԥсны ахылаԥшратә палата аинформациа-аналитикатә ҟәша аиҳабы Асҭамыр Џьынџьал, абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы ареферент еиҳабы Расида Чачхалиаԥҳа, Жәлар Реизара аиҳабы азинтә зҵаарақәа рзы иабжьгаҩ Луиза Ҭарԥҳа.
Хәызмоу ақьаадқәа рзы азакәанԥҵара аԥҵаразы 300 нызқь аԥара азоужьхоит, уи 2022 шықәсазтәи Апарламент абиуџьет иарбахоит.