Италиа еизгоу акоманда ашьапылампыл азы Европа ачемпионс иҟалеит

© REUTERS / Laurence Griffiths Игроки итальянской сборной после выхода в финал Евро-2020
Игроки итальянской сборной после выхода в финал Евро-2020  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Анапаҵаҩра
Италиа Евро иаиааихьан 1968 шықәсазы, уи аахыижьҭеи даҽа ҩынтә афинал аҟынӡа инеихьан, 2000 шықәсеи 2012 шықәсеи рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Италиа еизгоу акоманда ашьапылампыл азы Европа ачемпионс иҟалеит аҩынтә раан, ЕВРО-2020 афинал аҟны дара ириааит Англиа акоманда апенальтиқәа рсериаан, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аматч мҩаԥысуан амҽыша Лондон астадион "Уембли" аҿы.

Раԥхьа амба ампыл ҭаиршәит Англиа ашьапылампыласҩы Лиук Шоу (2-тәи аминуҭа азы), ԥыҭрак ашьҭахь - Италиатәи ахәмарҩы - Леонардо Бонуччи (67-тәи аминуҭ). Апенальтиқәа рсериаан италиаа иаҳа ирықәҿиеит - 3-2 ҳәа иаиааит.

Италиа еизгоу акоманда Евро аҟны иаиааихьан 1968 шықәсазы, иара убас "скуадра адзурра" ҳәа изышьҭоу ари акоманда афинал аҟны ҩынтә иаҵахахьан - 2000 шықәсеи 2012 шықәсеи рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0