Аҭоурых аҿахәы зҳәо аҩнқәа: Саида Жьиԥҳа Sputnik аҿы лышәҟәы ӡырылгеит

© Sputnik / Леон Адлейба Презентация книги "Дома с историей"
Презентация книги Дома с историей - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Анапаҵаҩра
Саида Жьиԥҳа лышәҟәы-альбом "Ицәажәо аҭыӡқәа" рызкуп иахьа уажәраанӡа иеиқәханы иҟоу ажәытә аԥсуа ҩнқәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ажурналист, Sputnik автор Саида Жьиԥҳа лышәҟәы-альбом аӡыргара мҩаԥысит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы ԥхынгәы 15 рзы.

Cаида Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Арадио
Жьиԥҳа ажәытә аԥсуа кәасқьақәа рзы: агәыбылра ду сзынрыжьит

Альбом иагәылоуп иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоу ажәытә аԥсуа ҩнқәеи акәасқьақәеи рфотосахьақәа. Урҭ рахьтә иҟоуп еиҳа еиӷьны еиқәхази, аужәра зхыҵәои, аилаҳара иаҿуи.

Саида Жьиԥҳа лажәақәа рыла, ари ашәҟәы аԥҵара машәыршәа иҟамлеит. Ҵыԥх Ҭырқәтәыла даныҟаз Аԥсны ахаан иҟамыз аԥсуа бырг Аҳмеҭ Ашәымхәеи лареи еибадырит. Иара иҭоурыхтә ԥсадгьыл анхашьа-анҵышьа иазкыз азҵаарақәа лыҭо, амҳаџьырра ҟалаанӡа аԥсуаа рынхара-рынҵыра атәы уазҳәо акыр еиқәханы иҟоума ҳәагьы длазҵааит. Убри ашьҭахь ауп ларгьы аԥсуа ҩнқәеи акәасқьақәеи рҭагылазаашьеи рҭоурыхқәеи ҭылҵаарц ахшыҩҵак анлызцәырҵ. 

Шықәсыбжак иалагӡаны ашәҟәы автор еизылгеит аԥсуа шҭақәа 70 рфотосахьақәа, аха альбом иагәылалеит зыԥшәмацәа рҭоурыхи ианыргылаз арыцхәқәеи лзеилкааз 52 ҩны, егьырҭ аҩнқәа амаӡа шырхаԥаз иаанхеит, урҭ рыԥшәмацәа акыр шықәса раԥхьа рыԥсҭазаарақәа ирылҵит, рҭынхацәа азусҭцәоу ҳәа аӡәгьы дылзымԥшааит.

© Sputnik / Леон Адлейба Аҭоурых аҿахәы зҳәо аҩнқәа: Саида Жьиԥҳа Sputnik аҿы лышәҟәы ӡырылгеит
Аҭоурых аҿахәы зҳәо аҩнқәа: Саида Жьиԥҳа Sputnik аҿы лышәҟәы ӡырылгеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Аҭоурых аҿахәы зҳәо аҩнқәа: Саида Жьиԥҳа Sputnik аҿы лышәҟәы ӡырылгеит

Реиҳарак аҩнқәа 100 шықәса ирҭысхьеит, 200 шықәса рҟынӡа зхыҵуагьы ыҟоуп. Саида лажәақәа рыла, урҭ реиҳарак акыр иажәуп, аха аԥшәмацәа еиқәдырхарц иаҿуп, иахьа уажәраанӡагьы изыҩнақәоугьы ыҟоуп. 

"Ари альбом ала сара исҳәар сҭахуп аԥсуаа аҩныргылараҿы агьама ҳаракы шрымаз. Уи азы ахаҳә, амҿы рхархәашьа рдыруан, иаашьаӡомызт", - лҳәеит автор.

Жьиԥҳа альбом ахьӡ "Ицәажәо аҭыӡқәа" ҳәа алҭеит, избанзар ҩныцыԥхьаӡа иамоуп иара ахатәы ҭоурых, уи анкьа изтәыз аԥшәмацәа реиҳараҩык агәаҟра дуқәа рхыргахьан, амҳаџьырра зхыганы ихынҳәыз, 1930-тәи ашықәсқәа раан иахыгаз, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан иҭахазгьы.

"Уажәы аӡәгьы дызхым арҭ ажәытә ҩнқәа уанрыхәаԥшуа, угәы хьаак ыҵалоит. Снапы аҭӡы ианадыскылалак, уи агәынқьбжьы саҳауазшәа сгәы иабон, уи иахнагахьаз ахьаа сныруан", - лҳәеит автор.

Альбом ҩуп аԥсышәала, урысшәала, ҭырқәшәала. Аҭырқәшәахь еиҭеигеит Октаи Ҷкотуа. Иара иазгәеиҭеит иахьа еиқәханы иҟоу ажәытә аԥсуа ҩнқәа культуратә ҭынхақәак раҳасабала ишрызнеитәу, ишреиҷаҳатәу, аха уажәазы урҭ иақәнагоу ахылаԥшра шрымам.

Ақәҿыҭра бзиа аиуит: Саида Жьиԥҳа лышәҟәы аиқәыршәара шымҩаԥысуаз иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2020
Ақәҿыҭра бзиа аиуит: Саида Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" аӡыргара

Альбом редакторс дамоуп ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа. Лара лажәақәа рыла, арҭ рҩызцәа аргыларақәа рыла Аԥсны жәытәаахыс изызҿлымҳаз архитектуратә стильқәа ҭуҵаар ауеит. 

"Арҭ аҩнқәа ҳҵасқәа-ҳқьабзқәа, ҳкультура, ҳасасдкылашьа зегь аадырԥшуеит, оумашәа иубартә иҟоуп аԥсуаа рыҩнқәа рҿы асасцәа ҷыдала ауадақәа шырзалырхуаз", - лҳәеит лара.

Коӷониаԥҳа лгәаанагарала, ажәытә ҩнқәа атуристцәагьы зҭааша ҭыԥқәаны иҟалар ауан.

Ажәабжьқәа зегьы
0