Акоронавирус 185-ҩык ирыдырбалеит, даҽа ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19963-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16294-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 277-ҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 6-601-ы атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 185-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 78 шықәсеи 83 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа аҳәса.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 183-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 41-ы, ибжьаратәуп - 40-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 26-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 49-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0