Роспотребнадзор аҟны ирҳәеит Амшын еиқәа аҿықә аҿы COVID-19 азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Sputnik / Мурад Оруджев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБаку в преддверии отмены масочного режима на открытом воздухе
Баку в преддверии отмены масочного режима на открытом воздухе - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 16 рзы иҟаз адыррақәа рыла, Краснодартәи атәылаҿацә аҟны акоронавирус зцәа иалоу ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп 55302 хҭыс.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Лаҵара 1 инаркны Амшын еиқәа аҿықә аҿы ашәҟәы иҭагалоуп COVID-19 азы 2040 хҭыс, абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит аепидемилогиатә хылаԥшреи, атранспорт гәаҭареи, аҵакырадгьылқәа рсанитартә ҭагылазаашьа ахылаԥшреи рзы Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Роспотребнадзор аҟәша аспециалист Татиана Межеваиа.

Лажәақәа рыла, ачымазараҿкы зцәа иаланы иаарԥшу аԥсшьарҭа ҩнқәа 26-ҩык русзуҩцәеи 61-ы аԥсшьаҩцәеи роуп.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы амшын аҿықә аҟны 295 хҭыс азгәаҭан, уи 6% рыла еиҵоуп егьи амчыбжь арбагақәа раасҭа.

Акоронавирус зыдбалоу рзы Ҟәыбина аинфекциатә госпитальқәа 24 рҟны 5561 иара-ҭыԥ еиҿкаауп. Ԥхынгәы 16 рзы иҟоу адыррала, 4546 ҭыԥ рҟны ачымазаҩцәа шьҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0