Гәдоуҭеи Гагреи COVID злаз хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 195-ҩык ҿыц ирыдбалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМедсестра
Медсестра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 20159-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16367-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 282-а.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 602-а атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 196-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аҵыхәтәантәи ҩымш рыла Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ԥшьҩык ауааԥсыра, 37, 64, 85 шықәса зхыҵуаз хҩык ахацәеи 75 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыски. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1935 шықәса рзы ииз ачымазаҩ.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 192-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 58-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 26-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 49-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0