Аҳәынҭқарра ачалт иаҵахеит: Аԥсны аекономикатә ҿиара ԥырхагас иазыҟоу

© Sputnik Деньги
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2021
Анапаҵаҩра
"Аекономикатә ҿиара алшарақәа" атемала астол гьежь мҩаԥысит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аҿы ԥхынгәы 13 азы. Ажәахә "Аԥсны аекономикатә еизҳара – аинституционалтә ԥхасҭақәа" ҟалҵеит Ацентр амилаҭтә економика аҟәша аиҳабы Хатуна Шаҭԥҳа.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Ацентр амилаҭтә економика аҟәша аиҳабы Хатуна Шаҭԥҳа линтервиу аҿы илҳәеит иахьа Аԥсны аекономика зықәныҟәо аԥҟарақәеи аинституционалтә акқәеи хра рымам ҳәа.

Вице-президент Бадри Гунба провел заседание рабочей группы по экономике  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2021
Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы аинвестициақәа радԥхьалара азҵаара иалацәажәеит

Лара лажәақәа рыла, 2009-2019 шықәса рыҩнуҵҟа аекономикатә ҿиара иахыҵхырҭа хаданы иҟоу аинвестициақәа, абиуџьет ахь ахатә лагалақәа, ихатәтәу амазара ахәԥсақәа, иара убасгьы аиуристтә хаҿқәеи ахала наплакыҩцәеи акредит рыҭара роуп. Уи 100 миллиардк рҟынӡа инаӡоит.

Шаҭԥҳа илҳәоит ари аамҭала ВВП 19 миллиард мааҭ рыла ишазҳазгьы, аекспорт 5 миллиардк рыла ишазҳазгьы, аусхктә структура еицәахеит, аекспорти аимпорти ирыбжьоу аиҟәҟьара шыҟац иҟоуп. Уи адагьы араионқәа еиуеиԥшымкәа рыҿиара мҩаԥысуеит, ашәшьыратә економика иазҳауеит.

"Хәышықәса раԥхьа ашәшьыратә економика ВВП иаҿырԥшны 50 процент иҟазар, уажәы 60% иҟоуп. Ари шаҳаҭра ауеит иахьатәи аекономика аԥҟарақәеи анормақәеи хра шрымам, уи иаанаго, урҭ аԥҟарақәа здызкыло ҳминистррақәеи ҳусбарҭақәеигьы хры рымам ауп", - ҳәа лҳәоит лара.

Аексперт лажәақәа рыла, аҳәынҭқарраҿ акомплекстә знеишьа аныҟам "ацәҟьа" иакуеит. 2021 шықәсазы аиҳабыра рныҟәгара 4 360 000 мааҭ азырхоуп, абиуџьет 3 360 000 мааҭ ыҟоуп.

"Ари иаанаго аиҳабыра де-факто ибанкротуп ауп, афинанстә цхыраара рмоур, де-иурегьы", - лҳәоит лара.

Шаҭԥҳа лгәаанагарала, аҳәынҭқарра ииашоу аинвестициатә политика азышьақәмыргылеит. Лара алгоритмқәа шьақәыргылатәуп ҳәа азылыԥхьаӡоит. Аҩаӡара маҷ аҿы аинвесторцәа ирылаӡатәуп, аҩаӡара ҳарак аҿы асоциал-економикатә ҿиара апрограмма шьақәырӷәӷәатәуп, аинвестициатә программагь абрахь иналаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0