Ҟазахсҭан Huawei абзоурала раԥхьатәи FWA шьҭызхуа иҷыдоу аҳа аусура иалагеит

CC BY-SA 4.0 / Yaken hgar / KazakhtelecomОфис Kazakhtelecom
Офис Kazakhtelecom - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2021
Анапаҵаҩра
FWA иаҵанакуа аҳақәа рыбжьара ари раԥхьатәи ҳауп 2300 МГц иҟоу адиапазон аҿы аус зуа, уи ахатәы нхамҩақәа рҿы ахархәаразы иманшәалоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Аилахәыра Huawei Ҟазахсҭан иреиҳаӡоу ателекоммуникациатә оператор - АЕ "Ҟазахтелеком" 4T4R змоу астанциа хадақәа азышьақәнаргылеит, уи алагьы Агәҭантәи Азиаҿы арадиоинтерфеис (FWA) ахархәарала фымцацәаҳәада аинтернет аҽаԥшьразы раԥхьатәи аҳа аусура иаланаргеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Huawei адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны. 

FWA иаҵанакуа аҳақәа рыбжьара ари раԥхьатәи ҳауп 2300 МГц иҟоу адиапазон аҿы аус зуа, уи ахатәы нхамҩақәа рҿы ахархәаразы иманшәалоуп ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

4T4R змоу астанциақәа FWA иаԥшьу абонентцәа рзы аҳа алшарақәа зегьы рхы иадырхәо иҟанаҵои, иара убас наҟ-наҟгьы иҵегьы агрегатқәа раԥшьразы алшарақәа амоуп.

FWA аусура аларгаразы ҳара иалаҳхит атехнологиа LTE, уи 2300 МГц иҟоу адиапазон аҿы иҟоу арадиоцәқәырԥақәа реиҳа еиӷьны рхархәара алнаршоит, иара убас алшара унаҭоит SIM-based захьӡу аҳаҟны еиуеиԥшым амаҵзурақәа рыдгалара.

"Убри аан 20 МГц иҟоу арадиоцәқәырԥақәа рдиапазон ҳхы иаҳархәоит, уи иаанаго ҷыдала иалху FWA аҳа рзырхоуп хазы игоу фымцацәаҳәадатәи аинтернет ахархәаҩцәа. Уи адагьы, ҳара ҳхы иаҳархәеит IP breakout - уи иалнаршоит PGW FWA абонентцәа рзы аинтернет ахь аҿаԥшьра", - абри аҩыза аилыркаа ҟаиҵеит ҳәа аилахәыра "Ҟазахтелеком" аинновациақәа рзы адиректор хада Нурлан Меирманов иажәақәа аанагоит Huawei.

Аҳа аусура аларгаразы рхы иадырхәеит астанциа хадақәа 4T4R, урҭ рыбзоурала ҷыдала иалкаау абонентцәа рхыԥхьаӡара ԥкымзар ауеит, наҟ-наҟгьы урҭ иҵегьы астанциақәа рԥыршьыр алшартә иҟалоит.

Huawei Technologies Kazakhstan адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Циуи Феи ишазгәеиҭаз ала, "Ҟазахтелеком" апроект - ахатәы ҩнқәа ахьеилагылоу аиланхарҭақәа рҿы аинтернет фымцацәаҳәада инарышьҭразы алшара ахьыҟам анагаразы егьырҭ иалкаау аоператорцәа рзы иҿырԥштә бзиоуп.

"Убри аан ари аҳаҿы оумак арҿыцра ҳәа ҟамҵакәа 5G атехнологиахь ииасыр алшоит, убри аан уи амҽхак ҭбаахоит, eMBB амаҵзурақәа ауаа ирзынарыгӡалар алшо иҟалоит", - иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0