COVID-19 злаз даҽа ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 20260-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16429-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 284-ҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 372-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 101-ы рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 61 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи 81 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 195-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 56-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 45-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 18-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 25-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 49-ҩык, урҭ рахьтә 16-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0