Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәарамиа гәылрыԥшьтәи акалмаҳааӡарҭа сынтәатәи аусуразы: ас еиԥш иҟамлацызт

© Foto / предоставил Беслан ГварамияБеслан Гварамия
Беслан Гварамия - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2021
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҟны иҟоу акалмаҳааӡарҭа "Кәыдрытәи аӡыхь" иаԥсҭазаашьоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит акалмаҳааӡарҭа аиҳабы Беслан Гәарамиа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәарамиа гәылрыԥшьтәи акалмаҳааӡарҭа аусушьа иазкны

"15 шықәса ҵуеит аԥсыӡ ааӡара ҳнапы алакәижьҭеи, сынтәеиԥш иҟамлацт. Абри аҿкы чымазара ыҟамызҭгьы иҵегьы еиҳахар ҟаларын ауаа. Есҽны иҟам ауаа, аха ҩымш рахьынтә иналакны ирацәаҩуп иаҳҭаауа", - иҳәеит Гәарамиа.

Иара еиҭеиҳәеит акалмаҳа анаҩс ирҭаауа ирыдыргало ачыс хкқәа ртәы, уи ахәқәа зеиԥшроу.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0