АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҳәынҭқарратә харадҵаҩ изыҳәа инақәыршәаны Қьамал Арӡынба дишьит ҳәа агәҩара зызрымоу Баҭал Ԥлиа ирбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Ԥлиа ирбаандаҩра аҽа ԥшьымз иацҵоуп, зынӡа – 2021 шықәса абҵара 19 рҟынӡа.
Уи аԥхьа, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала Ԥлиа хышықәса иқәнаҵеит абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥигози, арҩашьыгатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭада раахәара, рыҵәахра, адкыларази, иара убас, иԥжәо амаҭәашьарқәа, иԥжәо амаҭәарқәа изакәанымкәа раахәара, ҽаӡәы иҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара ма рныҟәгара" рзы. Аҩнытә ҭакра иқәҵан.
Ԥлиа аҩнытә ҭакра ахьеилеигоз иахҟьаны, уи атәы аарԥшуп лаҵарамза 19, 2021 шықәсазы иаанкылара аԥкаанҵа, уи аҟнытә Ԥлиа ҩымз аҭакра иқәырҵеит.
Қьамал Арӡынба дыршьит лаҵара 18 рзы Аҟәа. Уи ашьҭахь ауаҩшьра ҟазҵаз ацәгьоуҩы иаанкыларазы аплан рылҳәан.
Аԥсны ААР адыррақәа рыла, лаҵарамза 18, асааҭ 17:10 рзы идырым ҩыџьа ахаҿқәа Имам Шамиль имҩа аҩны №6 ахыб ахь ихалеит, уи аҭыԥ аҟынтә Абырба имҩаҟны игылоу ахатәы ҩны ашҭа иҭаԥшуан, амардуан аҟынтәи адәахьы идәылҵыз Қьамал Арӡынба иганахьала хынтә иреиҵамкәа абџьар ҭдырҟьеит. Ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҟнытәи ацәгьоуцәа амашьына "Toyota Mark X" ала ибналеит. Уи аҽныҵәҟьа ашьаус-оперативтә уснагӡатәқәа ирыбзоураны Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан амашьына былны иԥшаан.