Аԥснытәи абитуриентцәа 25-ҩык Урыстәыла ААР аҵараиурҭақәа ирҭалеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсероссийская акция «Единый день сдачи ЕГЭ с родителями»
Всероссийская акция  «Единый день сдачи ЕГЭ с родителями» - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы адкыларақәа мҩаԥысуан Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу аҵараиурҭақәа ԥшьба рахь.

АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аԥснытәи абитуриентцәа 25-ҩык аицлабратә ԥышәарақәа ирхысны Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу аҵараиурҭақәа ирҭалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

2021 шықәсазы адкыларақәа мҩаԥысуан Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу аҵараиурҭа ҷыдақәа ԥшьба рахь:

  • Урыстәыла ААР Воронежтәи аинститут – ахырхарҭақәа: "акомпиутортә шәарҭадара", "ателекоммуникациатә системақәа ринформациатә шәарҭадара", "арадиотехникатә система ҷыдақәа"
  • Урыстәыла ААР Омсктәи академиа – ахырхарҭа: "Амилаҭтә шәарҭадара азинтә еиҿкаара"
  • Урыстәыла ААР В.В. Лукианов ихьӡ зху Орелтәи аинститут – ахырхарҭа: "Амилаҭтә шәарҭадара азинтә еиҿкаара"
  • Урыстәыла ААР Нижегородтәи академиа – ахырхарҭақәа: "Амилаҭтә шәарҭадара азинтә еиҿкаара", "Аекономикатә хырхарҭала ацәгьоурақ́а рҿагылара".

Аҵараҵара иаамҭоуп хәышықәса. Ԥышәарас ирҭиуан: абаҩрҵәыра, Аԥсны аҭоурых, Урыстәыла аҭоурых, ауаажәларратә зеиԥшдырра, аматематика, афизика, ахатәы бызшәа адырразы аиҿцәажәареи адиктанти.

2009 шықәса абҵара 11 азы Аԥсни Урыстәылеи аҩныҵҟатәи аусқәа рзы рминистррақәа рнапы зҵарҩыз аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра иабзоураны, иахьазы Аԥснынтәи Урыстәылатәи аҵараиурҭа ҷыдақәа ирҭоуп 86-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0