АҞӘА, ԥхынгәы 21- Sputnik. Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҿы акомпиутертә томограф аусура еиҭеиԥҟьеит афымцалашара иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵала арахь иааԥхьо Белоруссиатәи аҟазауаа уаҵәа аппарат адиагностика нап адыркуеит.
Афымцалашара аиҭашәара иахҟьеит арентген-аппарат аусура аиԥҟьарагьы. Аҟазауаа уигьы иахәаԥшны алкаа ҟарҵоит.
Аусура иаҟәыҵит Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҿ иқәгылоу арентген-аппаратгьы. Анџьнырцәа уаҵәы иара гәарҭараны иҟоуп, аха уажәазы ирҳәоит- ачымазараҿкы зыдбало рхыԥхьаӡара аизҳара иахҟьаны аппарат иааҟәымҵӡакәа ус ауеит, уи азышьҭымхит ҳәа.