Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гогәуаԥҳа Тҟәарчал амедицинатә усзуҩцәа рҭагылазаашьазы: даара ицәгьоуп

© Foto / предоставила Эмма ГогуаЭмма Гогуа
Эмма Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2021
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа амедиеҳәшьа еиҳабы Емма Гогәуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит араион аҿы ачымазараҿкы азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гогәуаԥҳа Тҟәарчал COVID-19 азы аҭагылазаашьа иазкны

"Иахьатәи аамҭаз ҳҭагылазаашьа иаҳагьы ицәгьахеит, избанзар, ачымазаҩцәа рацәаҩхеит. Араион аҿы 96-ҩык ачымазара шрымоу шьақәыргыланы иҳамоуп. Ахәышәтәырҭаҿы 15-ҩык роуп зҭыԥ ҳамоу, усҟак шьҭоуп, егьыс 30-ҩык иааиуеит есыҽны агәырқәа ҟарҵоит. Иҟоуп изымаауагьы, урҭ аҩны ҳцаны ирзыҟаҳҵоит. Зҭагылазаашьа цәгьахо Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь иҳашьҭуеит. Асанитарцәеи амедиеҳәшьцәеи рыла ахәшәтәырҭаҿы ауадаҩра ыҟаӡам. Аҳақьым хада излалышо ҳзеилкаауам, есыҽны "ацәаҳәа ҟаԥшь" аҿы дыҩноуп, иаарго ачымазаҩцәагьы лыдылкылоит. Ҳаӡӷабцәа ирацәаҩны агоспиталь ахь иҳашьҭуеит, уаантә аҩныҟа имцаӡакәа ахәшәтәырҭахь иааиуеит. Ас ицалар, ҳалшарақәа нҵәозар акәхап, аиашазы, даара ицәгьоуп ҳҭагылазаашьа", – еиҭалҳәеит Гогәуаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0