Гәырам Џьота-иԥа Гәымба- аҵарауаҩ аҭоурыхҭҵааҩы, ауаажәларратә усзуҩы 1984 шықәса рзы далгеит Еревантәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет. Иара уи ашықәсан ихьчоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҩаӡара аԥсахаразы адиссертациа. 1987-1989 шықәсқәа рзы Ермантәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аҭоурых аинститут аҿы ҭҵаарадырратә усзуҩыс аус иуан. 1989-1994 – Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы.
Гәырам Гәымба 1976 шықәса раахыс аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын, далан Жәлар Рфорум "Аидгылара". Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа аиҿкаареи аусуреи далахәын. 1992-1993 шықәсқәа рзы КАР аштаб аҿы – хатәгәаԥхаралатәи агәыԥқәа координаторс дрыман. 1990-1993 шықәсқәа рзы Еиду Амилаҭқәа Рхеилак аҿы Аԥсны ахаҭарнакс дыҟан.
1992 шықәса рзы нанҳәамзеи цәыббрамзеи рзы Голландиа, Германиа, Швециа аԥсуа культуратә центрқәа реиҿкаара аԥшьгаҩыс дыҟан.
Гәымба 1998 шықәса инаркны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс аус иуеит, ААУ адоцент. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс дыҟан.
Гәырам Џьота-иԥа Гәымба дравторуп 20 инареиҳаны Аԥсни Кавкази рҭоурых иазку аҭҵаарадырратә усумҭақәа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.