Аԥсны ашәахтәқәа рминистрраҿы ирҳәеит ахашәалазы адекларациақәа рхарҭәаашьа

© Sputnik / Томас ТхайцукПодпись документов
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2021
Анапаҵаҩра
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны. Ахашәалақәа ашәҟәы иҭагалатәуп нанҳәа 1 рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа аҩыратә зыҳәа нарышьҭроуп Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахь аусбарҭа асаит аҿы иахәҭоу аинформациа роурц ҳәа еиҭеиҳәоит аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Георги Габуниа.

"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан инақәыршәаны ари апроцедура иахысроуп 420 усҳәарҭа русзуҩцәа ҳәа иҳәеит иара.

"Адекларантцәа аус ахьыруа аиҿкаара аофициалтә бланк аҿы ашәҟәы ҳзаарышьҭроуп рдекларациа акьыԥхьразы алогини апароли раҳҭарц. Ашәҟәаҿы иарбазароуп релектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭыԥ. Уахь инашьҭхоит ҳсаит аҿы акьыԥхьразы алогини апароли", - ҳәа иҳәоит Габуниа.

Иара иазгәеиҭеит адекларациа шхарҭәаахалак аминистрра асаит аҟәша "адекларациа" аҿы ишыркьыԥхьуа. Ари аус ҟаҵатәуп нанҳәа 1 аҟынӡа.

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа рашәара 14 рзы инапы аҵаиҩит "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан.

Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Аԥсны ашәахтә усбарҭаҿы ирҳәеит ахашәалақәа ашәҟәы рҭагалара аус шцо

Азакәан ахь ариашарақәа рыдыркылеит Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҿы рашәара 9 рзы. Хәажәкыра анҵәамҭазы актәи аԥхьарала адепутатцәа азакәан ахь арҽеирақәа рыдыркылеит.

Ариашара хадақәа ирыҵаркуеит "адекларант иҭаацәа" акатегориахь иаҵанакуа ахаҿқәа: ачынуаа рхаҭақәа рыдагьы урҭ рыҳәса, рхацәа, зықәра намӡац, зықәра наӡахьоу рыхшара, рашьцәа, раҳәшьцәа. Анаҩс ари асиаҟынтә иқәган "адекларантцәа зықәра наӡоу рыхшара". Ари иақәшаҳаҭымхеит аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа.

Мшаԥымза анҵәамҭазы еилкаахеит, ахада Иусбарҭа азакәан апроект ишаднагалаз ариашара ҿыцқәа.

Азакәан инақәыршәаны ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы, аусбарҭа асаит аҿы иӡыргазарц. Убри аан ачынуаҩ имаҵзура данахагыла ашьҭахь, 30 мшы рыҩнуҵҟа адекларациа хаирҭәаароуп. Уи адагьы, аԥсахрақәа мҩаԥгоуп ахәҭаҷ 6 актәи ахәҭаҿы. Ариашарақәа инарықәыршәаны адекларациақәа рдыррақәа аофициалтә саитқәа рҟны икьыԥхьхоит, АИХқәа ирзынарышьҭуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0