Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Салаҟаиа Лыхнытәи ақәгыларазы: уажәы "иаарычҳандаз анхацәа" ҳәа ҳҳәоит, аха имариамызт

© SputnikСослан Салакая
Сослан Салакая - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Анапаҵаҩра
155 шықәса раԥхьа ԥхынгәы 26 рзы иалагеит Лыхнытәи ақәгылара. Уи зыхҟьази, лҵшәас иамази ртәы арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа.
Салаҟаиа Лыхнытәи ақәгыларазы: уажәы "иаарычҳандаз анхацәа" ҳәа ҳҳәоит, аха имариамызт

"Амзызқәа рацәан. Еиҳарак нхарада-барада ареформа ҳәа изышьҭаз ауп. Урыстәыла анхацәа ахақәиҭра роуит, ус еиԥш ахақәиҭра рырҭарц рҭахын аԥсуа нхаҩцәагьы. Аха усҟан Кавказтәи аибашьра цон азы, ус еиԥш аҭагылазаашьа ыҟамызт. Анаҩс, аибашьра анынҵәа, Аԥсны аҳәынҭқаррагьы ԥыхха иргеит. Усҟан Аԥсны иқәынхон 80% анхаҩцәа, аха аԥсуа нхаҩи аурыс нхаҩи рҭагылазаашьа еиҟараӡамызт. Аԥсуа нхаҩы иман ихатәы дгьыл, "шәоуҳашьҭуеит, аха аԥара шәатәуп" ҳәа анрарҳәа, даара ргәы иалсит. Уимоу, ҭауадаа арҭ тәӡам, инхаҩцәоуп, ҳара ҳаилаҵәаны ҳаҟоуп ҳәа иаақәгылеит. Аԥсуа ҳәынҭқарра арҟәара аӡәгьы игәамԥхеит, уи азы ареформа иаҿагылеит зегьы. Анаҩс иаԥшьган Лыхны аизара, уаҟа 7 000-ҩык анхацәа еизеит", - еиҭеиҳәеит Салаҟаиа.

Аизараҿы иҟаз ақәгыларақәеи анаҩс иашьҭанеиуаз ахҭысқәеи ртәы, иара убас Лыхнытәи ақәгылара ашьҭахь иҟалаз амҳаџьырреи атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0