Аекономикеи аполитикеи: Аԥсны АА рминистр Никарагуа иҟазаара аихшьаалақәа ҟаиҵеит

© Sputnik / Мария Плотникова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтраны мира. Никарагуа
Страны мира. Никарагуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба усутә ныҟәарыла Ареспублика Никарагуа ахь дцеит ԥхынгәы 15 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Аԥсни Никарагуеи рекономикатә еизыҟазаашьақәа дырҿиалоит ԥхьаҟагьы, абри атәы иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

Флаг Республики Никарагуа. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2020
Аԥсни Никарагуеи ԥшь-хырхарҭак рзы аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит

"Никарагуа аекономикатә ҿиара аминистри сареи ҳаиԥылеит. Ҳрылацәажәеит Никарагуа иҭрыжьуа аалыҵ Аԥсныҟа аагара азҵаарақәа. Арахь аагара алшар ҟалоит акаҳуа, акакао, акәац", - иҳәеит Ақаҩба.

Иара иҳәеит ахәԥсақәа рганахь ала аинтерес шрыҵоу, аха макьаназ еилыргам алогистика азҵаарақәа.

"Мшынмҩахоит. Уажәы аус адаауылоит аконтеинерқәа арахь Аԥсныҟа акәуу Урыстәылатәи абаӷәазақәа руак ахь акәуу аагара ахьеиӷьхаша", - иҳәеит Ақаҩба.

Иара иазгәеиҭеит Никарагуатәи аалыҵ Урыстәылаҟа анеира Аԥснынтә акәхаргьы шауа. Аминистр игәаанагарала ари апроект атәылақәа рыҩбагь рзы аинтерес аҵоуп.

Даур Ақаҩба иусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны дидикылеит ареспублика Амилаҭтә ассамблеиа ахада Густав Поррас Кортес. Аганқәа апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.

"Иҟан аицәажәарақәа. Ҳаиқәышаҳаҭхеит Никарагуа Амилаҭтә ассамблеиеи Аԥсны Жәлар Реизареи рҟны апарламентбжьаратә еиҩызаратә гәыԥ аԥаҳҵарц", - иҳәеит иара.

Гранадеи Леони рхадацәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистри аиашьаратә еизыҟазаашьақәа ақалқьқәа рыбжьара ашьақәыргылара иалацәажәеит.

2021 шықәса абҵарамзазы Никарагуа ахада далырхуеит. Даур Ақаҩба ишиҳәаз ала уахь ааԥхьара роуеит Аԥснынтәи анаԥшыҩцәа. Урҭ ахада иалхра ашьҭахь аҭоубашьҭаҵарахь инаԥхьахоит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба усутә ныҟәарыла Никарагуаҟа дцеит ԥхынгәы 15 азы.

Ақаҩба Никарагуа иҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи иареи еиԥылеит.

Иара убас Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр дрылахәын Сандинисттәи ареволиуциа 42 шықәса ахыҵразы имҩаԥгаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0