АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩра иахҟьаны аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рзы аиҭаҳәа аҩра ихадарам азанааҭқәа рҿы иаԥыхын ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ААУ адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Инга Арӡынԥҳа.
"Адкыларатә комиссиа аӡбра аднакылеит аҭаларатә ԥышәарақәа рҿы аиҭакрақәа мҩаԥгазарц. Ахырхарҭақәа зегьы рҿы актәи аԥышәара азанааҭтә маҭәар акны иҟаҳҵеит. Уи ашьҭахь егьырҭ аԥышәарақәа мҩаԥаагеит", - лҳәеит лара.
Инга Арӡынԥҳа иазгәалҭеит аԥхьатәи аԥышәарақәа ҩба ишзанааҭтәыз, анаҩс аурыс ма аԥсуа бызшәазы аиҭаҳәа шырыҩуаз.
"Афакультетқәа, зыҟны аурыс ма аԥсуа бызшәа азанааҭ маҭәарны иахьыҟам ахԥатәи аԥышәар аиҭаҳәа рыҩуан. Уи лкаа ҟанаҵом ареитинг азы абиуџьеттә ҭыԥқәа рҿы", - лҳәеит лара.
Ахырхарҭа иақәымшәо аԥышәараз азшьа ықәдыргылоит, ма иқәдыргылом.
"Азшьа змауыз абитуриент дҭамлеит ахьӡуп. Азшьа зауыз изшьа аԥхьатәи аԥышәарақәа рылҵшәақәа ирныруам. Афилологиатә факультет аҿы акәзар аиҭаҳәа рыҩуан: "аԥсуа бызшәеи алитературеи", "аԥсуа бызшәа иаԥсыуам ашколқәа рҿы", "ажурналистика", "алингвистика", "анемец бызшәа", "англыз бызшәа" ахырхарҭақәа зегьы рҿы, ҳәа лҳәоит лара.
Атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩра иахҟьаны аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рзы аиҭаҳәа аҩра ихадарам азанааҭқәа рҿы иаԥыхын. Асеиԥш аӡбамҭа аднакылеит ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа зхадараҿы дыҟаз адкыларатә комиссиа.
Сынтәа Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1975-ҩык, Аԥснытәи аҳәынҭқарартә университет ахь рдокументқәа наргеит 638 абитуриентцәа, - лҳәеит Инга Арӡынԥҳа.
Еиҳа адокументқәа нашьҭын абарҭ ахырхарҭақәа рахь: "аекономика" (аурыс сектор), "азиндырра", "прикладнаиа математика", "аҭоурых" (аурыс сектор), "жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа".