Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Дмитри Козаки Москва еиԥылеит

© Foto / официальный сайт Президента РААслан Бжания встретился с Дмитрием Козаком
Аслан Бжания встретился с Дмитрием Козаком  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа дцеит ԥхынгәы 28 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Москва еиԥылеит ԥхынгәы 29 рзы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылараҿы аганқәа ирылацәажәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа еиуеиԥшым рызҵаарақәа, Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҿагылараҿы ацхыраареи, ачымазараҿкы хызҽуа алаҵа аҩбатәи апартиа аагареи, иара убас амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ацхыраара аҟаҵареи, Аинвестициатә программа апроектқәа рынагӡареи.

Аусутә ныҟәара аҳәаақәа иҭагӡаны Аслан Бжьаниа асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы аиԥылара мҩаԥигеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа аҳәаанырцәтәи атәылақәа акультура аганахьала аусеицуразы аусбарҭа аиҳабы Игор Маслови иареи.

Иара убас атәыла ахада игәы иҭоуп Москва еиуеиԥшым аиԥыларақәа рымҩаԥгара.

Аҵыхәтәаны Аԥсны ахада усутә ныҟәарыла Москва дыҟан лаҵарамза 2021 шықәсазы. Усҟан Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭеи Урыстәыла аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа мҩаԥигеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0