Хыԥхьаӡара рацәала арҩашьыгатә маҭәашьар аарыхра: Аԥсны ААР аоперативттә хҳәаа

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото служебного автомобиля МВД Абхазии
Архивное фото служебного автомобиля МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра азакәанеилагаразы иаанкылоу ахаҿқәа рзы аоперативттә хҳәаа акьыԥхьит.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аԥсны ААР аусзуҩцәа иааныркылаз атәылауаа хараны ирыдҵоуп закәаншьаҭада хыԥхьаӡара рацәала арҩашьыгатә маҭәашьар аарыхреи, ахархәареи, аҭиреи, амҩангареи атәыла араионқәа рҟны. Абри атәы аанацҳауеит амчратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Гал даанкылан Шьашьикәара ақыҭан инхо 1993 шықәса рзы ииз Гьаргь Кәарцхьиа. Иара идырбалеит хыԥхьаӡара рацәала арҩашьыгатә маҭәашьар. Кәарцхьиа ишәыра иҭан афҩы ҷыда змаз аҵиаа, имҩаԥгаз аҭҵаара ишьақәнаргылеит аҵиаа -мариахуана шакәыз. Иааидкыланы Кәарцхьиа зынӡа идбылан 760 грамм анаркотикатә маҭәашьар. Закәаншьаҭада хыԥхьаӡара рацәала арҩашьыгатә маҭәашьар аарыхреи, ахархәареи, амҩангареи рзы Кәарцхьиа даанкылоуп, иганахьала ашьаус хацыркуп.

Закәаншьаҭада хыԥхьаӡара рацәала арҩашьыгатә маҭәашьар аарыхреи, ахархәареи, амҩангареи рзы ахара идҵоуп Тҟәарчал инхо Џьумбер Самсониа. Идбылан 12,5 грамм иҟаз марихуана згәылаз аилаҳәыра. Иганахьала ашьаус хацыркуп, аҩнытә ҭакра иқәҵоуп.

Алаҳаӡы ақыҭан анхаҩы Сергеи Федоров дахьынхо аҵакыраҿы ирбеит аныцә. Иара убас иҩны иԥшаан 190 грамм иҟаз аныцәтә ҭәа. Иганахьала ашьаус хацыркуп.

Гәдоуҭатәи ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа Гәдоуҭа инхо Едгар Цыгәба абџьар идырбалеит. Цыгәба иганахьала абџьар закәаншьаҭада аахәара, аҭира, аҵәахра, амҩангара, аныҟәгареи рзы ахәҭаҷ ала ашьаус хацыркуп. Иара доушьҭуп иҭыԥ дшахымҵуа азы анапынҵала.

Ажәабжьқәа зегьы
0